Telegram Group & Telegram Channel
🔔 Обращение исполняющего обязанности Президента Республики Абхазия Б. З. Гунба

▫️ Ҳаҭыр зқәу ажәлар!

▫️ Ҳаҧсадгьыл имариам аҧышәара аамҭа иҭагылоуп.

▫️ Иахьа уажәраанӡагьы иаҳныруеит ноиабртәи аполитикатә кризис ахыҧша. Уи ахҭыс аконституациа аҳәаақәа ҳарҭыганы, рҽеишьа змам аҭагылазаашьахь ҳкылнагар алшон.

▫️ Сгәы иаанагоит декабрь 19 рзы апарламент аҩныҵҟа иҟалаз арыцҳара ду зхылҿиаазгьы ҳаиҿагылара ауп ҳәа. Дҳаҧхеит Аҧсадгьыл аҵеи лаша, аветеран, адепутат Вахтанг Гәаланӡиа.

▫️ Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо иаҳасабала ари ацәгьоура бааҧс аҭҵаара амҩаҧысшьа хаҭала сахылаҧшуеит.

▫️ Иахьа аполитика знапы алакыу ауаа аиҿыхара ҳшаҿыз иҳазгәамҭаӡакәан иаҳцәыӡуа иалагеит ажәлар рыгәрагара.

▫️ Сара уажә иаҭахны исыҧхьаӡом иҟалаз аҭагылаашьа иаҳа изхароу аопозициа, мамзаргьы амчра ахаҭарнакцәа роуп ҳәа алацәажәара. Иеиҕьуп ҳәа иазысыҧхьаӡоит аиқәҵарақәа ҳаарҟәаҵны, иуадаҩу аҭагылазаашьа ҳажәлар ралгаразы ашьаҿақәа рыҟаҵара.

▫️ Ииашам ҳәа сгәы иаанагоит еснагь адгылара ҳазҭо Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара иҟоу азҵаарақәа аполитикахь риагара, амчра азықәҧараҿы рхархәара.

▫️ Иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп Аҧсни Урыстәылеи еснагь ирыбжьаз агәреибагара аиҭашьақәыргылараз. Ҳара иаҳхамышҭроуп шәышықәсала ҳажәлар зызхьаауаз, ихьыҧшым аҳәынҭқарра жәларыбжьаратәи азхаҵара зегь раҧхьа иҳазҭаз Урыстәыла шакәу.

▫️ Убырҭ зегь ҳрызхәыцны иҳалҳаршароуп, ҳаҧсадгьыл аинтересқәа аҧхьа инаргыланы, Урыстәыла иҳарҭо алшара ҳхы инархәаны Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьапы ақәыргылара.

▫️ Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ​ҳауаажәлар иуадаҩу аамҭазы иаашәырҧшуа ачҳаразы. Иахьа уажәраанӡа алшарақәа шмаҷугьы Аҳәынҭқарра анапхгара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит афымцалашара азҵаара аӡбаразы, ҳауаажәлар уалафахәыда раанмыжьразы. Убри аан ибзиан еилаҳкаауеит ҳбыргцәа, ҳхәыҷқәа лашарада ирхырго ауадаҩра дуқәа.

▫️ Убарҭ зегь ҳасаб рзуны Урыстәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟасҵеит Аҧсны фымцалашарала аиқәыршәараз ацхыраара ҳарҭарц. Сгәы иаанагоит хара имгакәан ахаҵгылара ҳауп ҳәа.

▫️ Уважаемые сограждане, наша страна переживает серьезные испытания. Все мы были свидетелями недавнего ноябрьского политического кризиса, который мог вывести нас за рамки конституционного поля.

▫️ Ситуация привела к тяжелым последствиям. Бюджет государства испытывает непомерную нагрузку.

▫️ Приостановлены важнейшие программы российской помощи Абхазии. Возникла проблема задержки заработной платы и социальных выплат.

▫️ Считаю вполне уместным сказать, что доведение отношений с союзником до такого состояния недопустимо.

▫️ Коллапс энергетической системы сделал трудновыносимой жизнь граждан республики, нарушил нормальное функционирование объектов жизнеобеспечения, экономики в целом.

▫️ Отключение света по 9-11 часов в сутки — приговор системе здравоохранения и образования.

▫️ Это ставит под угрозу жизнь и здоровье наших детей, пожилых людей, социально незащищенных слоев населения. Абхазия может столкнуться с гуманитарной катастрофой.

▫️ Мы оказались в полной темноте в прямом и переносном смысле.

▫️ Нездоровая политическая борьба подвергает опасности настоящее и будущее Абхазского государства. Раздоры наносят серьезный удар по имиджу страны.

▫️ Сложившаяся ситуация ещё более накаляет внутренние противоречия. Именно это послужило детонатором трагедии, случившейся на днях в Парламенте страны.

▫️ В результате погиб депутат Народного Собрания, достойный сын Отечества Вахтанг Голандзия.

▫️ Впору задаться вопросами: что происходит с нами и куда мы катимся?

▫️ Подробно…

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM

group-telegram.com/presspresidentofabkhazia/3055
Create:
Last Update:

BY Пресс-служба Президента Абхазии

Share with your friend now:
group-telegram.com/presspresidentofabkhazia/3055

View MORE
Open in Telegram

Telegram | DID YOU KNOW?

Date: |

DFR Lab sent the image through Microsoft Azure's Face Verification program and found that it was "highly unlikely" that the person in the second photo was the same as the first woman. The fact-checker Logically AI also found the claim to be false. The woman, Olena Kurilo, was also captured in a video after the airstrike and shown to have the injuries. To that end, when files are actively downloading, a new icon now appears in the Search bar that users can tap to view and manage downloads, pause and resume all downloads or just individual items, and select one to increase its priority or view it in a chat. NEWS Telegram has become more interventionist over time, and has steadily increased its efforts to shut down these accounts. But this has also meant that the company has also engaged with lawmakers more generally, although it maintains that it doesn’t do so willingly. For instance, in September 2021, Telegram reportedly blocked a chat bot in support of (Putin critic) Alexei Navalny during Russia’s most recent parliamentary elections. Pavel Durov was quoted at the time saying that the company was obliged to follow a “legitimate” law of the land. He added that as Apple and Google both follow the law, to violate it would give both platforms a reason to boot the messenger from its stores. Messages are not fully encrypted by default. That means the company could, in theory, access the content of the messages, or be forced to hand over the data at the request of a government.
from es

Telegram Пресс-служба Президента Абхазии
FROM American