group-telegram.com/apsnyYahia/3216
Last Update:
РОМАН АНУА: ҲАЖӘЛАР АҚЫҬАҚӘА РҾЫ ИҞОУ, ҲАБАЦӘА, ҲАБДУЦӘА, ҲХӘЫҶҚӘА, ШӘАҲЗЫӠЫРҨЛА АБРОУП АИАША АХЬЫҞОУ
Аԥсны Афырхаҵа Роман Ануа игәаанагара абас иааирԥшит:
Аибашьра зхызгаз аветеранцәа абра ҳтәоуп, шәара шәҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаҳҵоит ҳашьцәа еиҵбацәа, ҳаибашьра аҵыхәанӡа анагара ахьҳалымшаз азы.
Аибашьраан ақырҭцәа ҳнапқәа ҭацәны идәылаҳцеит, ҳҽеидаҳкылеит, агәырҩа рацәаны иаҳхаҳгахьеит ҳхәыҷқәа авертолиот аҿы иблит.
Иахьа америкаа ақырҭцәа ирыдныҳәало иалагеит араҟа иҟоу ианырба.
Аоппозициа рахь ихы рханы, шәара анапхгара шәаныҟаз иҟашәҵози ҳәа дразҵааит:
Шәара шәакәӡамыз амчра аншәымаз Лукаа доузышьҭыз,, аԥара азыҳәан уахь ддәықәызҵаз?
Лукаа аԥсуаа рыблақәа аштык ножла ҭызхуаз. Иҟашәҵеи усҟан амчра аншәымаз?
«Ҳажәлар, ақыҭақәа рҿы иҟоу, ҳабацәа, ҳабдуцәа, ҳхәыҷқәа, шәҳазыӡырҩла, аброуп аиаша ахьыҟоу», — иациҵеит иара.
BY Апсны Иахьа
Share with your friend now:
group-telegram.com/apsnyYahia/3216