Telegram Group & Telegram Channel
Forwarded from Sputnik Аԥсны
32 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14 1992 шықәса рзы иҟалеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан реиҳа ихлымӡааххаз арыцҳара.

Урыстәыла Аҳаирмчқәа рвертолиотқәа ҩба – Ми-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал иалганы Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа ргон агуманитартә реис аҳасабала.

Асааҭ 17:30 рзы, ианыҵԥраа ашьҭахь 12 минуҭ ааҵуаны, Лаҭа ақыҭа ианахаԥраауаз 1900 метра аҳаракыраҿы иҟаз, "03" ҳәа иарбаз авертолиотқәа руак ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ракетала иеихсны икарыжьит. Аракета ҭырҟьан Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар ирымпыҵакыз аҵакыраҟынтә.

Авертолиот каҳаит Гәылрыԥшь араион Лаҭа ақыҭан.

Авертолиот иҭатәаз 87-ҩык апассаџьырцәа зегьы ҭаблит. Урҭ рыбжьара иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи. Авертолиот иҭан Владимир Анцупови Аслан Занҭариеи назлаз жәаҩаҩык аибашьцәа – еицырдыруаз аԥсуа командирцәа, Аԥсны Афырхацәа.

Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа мчыбжьык ааҵуаны Осман Гәынба ихьӡ зху Гәдоуҭа апарк аҿы анышә иамардеит.

Афото © афотоальбом "Аиааира"

group-telegram.com/guarapskypisar/744
Create:
Last Update:

BY Гуарапский писарь

Share with your friend now:
group-telegram.com/guarapskypisar/744

View MORE
Open in Telegram

Telegram | DID YOU KNOW?

Date: |

NEWS Ukrainian forces successfully attacked Russian vehicles in the capital city of Kyiv thanks to a public tip made through the encrypted messaging app Telegram, Ukraine's top law-enforcement agency said on Tuesday. Sebi said data, emails and other documents are being retrieved from the seized devices and detailed investigation is in progress. I want a secure messaging app, should I use Telegram? As the war in Ukraine rages, the messaging app Telegram has emerged as the go-to place for unfiltered live war updates for both Ukrainian refugees and increasingly isolated Russians alike.
from in

Telegram Гуарапский писарь
FROM American