This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Аԥсны Абанк амузеи аҿы ацәыргақәҵа "Леуарса Быҭәба. Амастер игәалашәара" аус ауеит.
Аԥсуа сахьаҭыхҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу Леуарса Быҭәба диижьҭеи 65 шықәса аҵра иазкыз ацәыргақәҵаҿы ахатә коллекциақәа рҟынтәи 20 инареиҳаны асахьақәа цәырган.
Амузеи адиректор Асҭамыр Ҭаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа зылшамҭа рацәоу ауаа шаҳгәаланаршәо, ауаа шеиднакыло.
Ацәыргақәҵа акуратор Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит Быҭәба иусумҭақәа иааукәыршаны иҟоу аԥшӡара агәаҭара шулдыршо.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы, аскульптор Витали Џьениа ишиҳәаз ала, Леуарса Быҭәба аԥсҭазаара бзиа избоз, згәы ҳалалыз, здырра ыҟаз уаҩын, уи исахьақәа иагьарааны иубаргьы, даҽа блак ала урыхәаԥшуеит ҳәа.
"Иахьа уажәраанӡа дыҟазар, шаҟа аԥиҵараны иҟази, шаҟа илшарызеи. Иара иаԥиҵаз адунеи иақәлахо убранӡа иҟазара ҳаракын, иуаҩра ҳаракын, зегь рыла дманшәалан", — иҳәеит Џьениа.
Ацәыргақәҵа февраль 28 рҟынӡа имҩаԥысуеит.
Леуарса Быҭәба изку анҵамҭа шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҿы.

Аԥсуа дамыӷақәа рхыԥхьаӡара рацәоуп. Иҟоуп ажәлантәқәа рдыргеиԥш, қыҭак еицатәугьы. Иара жәлак аҿгьы еиуеиԥшым авариантқәа уԥылоит.
Адамыӷақәа амал, арахә-ашәахә рақәиҭреи реиламырҩашьареи ирызкәу дыргақәоуп. Урҭ илабҿабатәу информациатә дыргақәоуп ҳәа рзуҳәар ауеит. Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп ашьамаҟа, аԥсаса рааӡараҿы ас еиԥш адыргақәа рыҭара. Урҭ ирымоуп аҭоурых дуӡӡа.
Раԥхьаӡа аџьаус аҽанаша, адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи хаз-хазы ианыҟала инаркны, ахьчара занааҭс измаз ауаа ргәыԥқәа рырахә ахҵарақәа, аиламырҩашьагатә дыргақәа рнырҵо иалагеит.
Аԥсуа дамыӷақәеи ахҵарақәеи ирызку шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны аматериал аҟны.

Sputnik Аҧсны
Аԥсуа дамыӷақәеи ахҵарақәеи рзы ажәақәак: ажәытәтәи ахархәашьеи аҵаки
Аԥсуа дамыӷақәеи ахҵарақәеи ирызкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Аҟәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы Аԥсны арратә операциа ҷыда алахәра иазку ацәыргақәҵа иааиԥмырҟьаӡакәа аус аулоит.
Аԥсны иҟоу Донбасс ацхрааразы Иаку аштаб аиҳабы Вадим Мироненко иҳәеит Ҟрым Урыстәыла аилазаарахь 2014 шықәсазы ианыгьежь аахыс Аԥсны Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәа ишрыцхраауа.
"Ауаҩы зегь ихашҭуеит, убри азы иҳаӡбеит амузеи ахь агәаларшәагатә маҭәарқәа рнагара. Ҳамҭақәак хҭысқәак ирызкны иранашьан, иҟоуп аибашьраҿ рылшамҭақәа рзы Сергеи Шоигу иранеишьаз. Арҭ амедалқәа рҩызцәа уажәы иҟаӡам, урҭ ҳреспублика аган ишавагыламыз атәы азырбо аннотациақәа рыцҵахоит. Иазгәаҭатәуп иахьа Донецки Лугански рсуверенитет азхаҵара ишамшу", — иҳәеит Мироненко.
Аекспонатқәа иреиуоуп аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" адыргақәа, Гьаргь Аԥшьа иџьарқәа, хатәгәаԥхаратә уаажәларратә усура Афырхаҵа Ихьтәы еҵәа, Александр Захарченко Вадим Мироненко ҳамҭас ииҭаз аҳәызба уҳәа уб.егь.
Аусмҩаԥгатә аҿы арратә операциа ҷыдаан иҭахаз Адгәыр Қәҭарбеи Алексеи Нестерови рҭаацәа аҳамҭақәа ранашьан.

"Аԥсуа жәлар насыԥ ҳамоуп абасеиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩцәа дуқәа аамҭак ҳахьрыцаныз, рҩымҭақәа бзиа ибаны ҳахьрыԥхьоз, ҳахьырзыӡҩруаз, рнапқәа ахьрымаҳхуаз, иахьагьы урҭ рфырхацәеи ҳареи ԥсҭазаарак аҿы ҳахьеилагылоу, иахьҭаҳҵаауа, ҳахьрыхцәажәо…" — абас, ицәаҳәақәа изикуеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иахьагьы зыԥхара ицу ашәҟәыҩҩы, апублицист Алықьса Џьениа.
Алықьса Џьениа диижьҭеи 95 шықәса ҵит. Уи игәалашәараз иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи атәы зҳәо аматериал шәаԥхьар шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.

Зажәа ҵаулаз ашәҟәыҩҩы: Алықьса Џьениа диижьҭеи 95 шықәса аҵра иазкны
Жәабран 21 1930 шықәсазы Аҷандара ақыҭан диит ашәҟәыҩҩы, апублицист, СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла Алықьса Камыгә-иԥа Џьениа. Сынтәа иара диижьҭеи 95 шықәса ҵит.
Аинтерактивтә музеи "Аиааира адәыӷба" Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны иаауеит.
Уи аатуеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рымш, жәабран 23 рзы, Аҟәатәи аихамҩатә аангыларҭаҿы. Аус аулоит асааҭ 12:00 инаркны 18:00 рҟынӡа. Аҭалара хәыда-ԥсадоуп.
Жәабран 26 рзы "Аиааира адәыӷба" аихамҩаангыларҭа "Гәдоуҭа" иааҭгылоит. Уа амузеи аҭаара алшоит асааҭ 10:00 инаркны 18:00 рҟынӡа.
Амузеи аекспозициа еиҭанаҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан иҟаз ахҭысқәа. Аҭааҩцәа аҭынч аамҭа инаркны аибашьра ахҭысқәа иргәылсны Аиааира амш аҟынӡа инаӡоит. Ахархәара рымоуп амультимедиатә технологиақәа — апроекторқәа, аекранқәа, ииашахаҭоу аелементқәа.
Аекспозициа есымшааира ихадырҭәаауеит, уи иалоуп Аҧсны иалҵыз аибашьцәа ртәқәагьы, ааигәа 100 шықәса зхыҵыз аветеран Алықьса Лашәриа итәгьы.
"Аиааира адәыҕба" атәы инарҭбааны шәаҧхьа абра.

🔸Аԥсуа драматә театр аҿы Севастополь иҟоу Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа "Ҩ-ҟәарак. Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рдиалог" аҭааҩцәа рзы иаартуп хәажәкыра 30 рҟынӡа.
Ацәыргақәҵаҿы Аԥсни Ҟрыми рҟазацәа ҿарацәа русумҭақәа ӡыргоуп.
2023 шықәса цәыббрамзазы имҩаԥысуаз академиатә ҟазаратә школ "Таврида" иалахәыз Ҟрымтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 30 инареиҳаны ицәыргоуп.
Аԥсны ахьӡала уи иалахәуп арҿиаратә еиҭныԥсахлареи иаарту адиалоги иазхиоу асахьаҭыхыҩцәа гәыԥҩык.
Ари ацәыргақәҵа азеиԥш усмҩаԥгатәқәа рцикл иахәҭакуп. Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ Викториа Данилиук иазгәалҭеит ари ахҭыс аԥсны асахьаҭыхцәеи атәыла зегьи рзы иныҳәа дуны ишыҟоу.
Аҟәатәи аҳәынҭкарратә сахьаркыратә школ адиректор Амиран Адлеиба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу ахҭыс аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рзы иныҳәа дуны ишыҟоу.

Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ианаҭеит NextPlanet 75 захьӡу аинтерактивтә классӷәқәа 120, урҭ ашколқәа ирзыршахьеит.
Аҟәатәи ахәбатәи ашкол аҿы амаруга ҿыцқәа рышьақәыргылара иалагеит.
Урыстәылантәи иааз арҵаҩцәа аԥснытәи рколлегацәа иддырбеит аинтерактивтә ҭӡы ахархәашьа, иаабац аҵкыс уи злеиӷьу, еиуеиԥшым аурокқәа рҿы ахархәашьа.
Ашкол №5 арҵаҩцәа ари аҿыцрахь даара аинтерес ду аадырԥшит.
"Ҳара даара ҳгәы иахәоит арҭ аҳамҭақәа. Арҭ аклассӷәқәа аамҭа ҿыц иатәуп, апроектор, ма аноутбук уҭахӡам, уа зегьы амоуп", — лҳәеит афизика арҵаҩы Налла Гәымба.
Ашколтә инфраструктура арҿыцра аполитик Бадра Гәынба Урыстәылатәи иколлегацәеи иареи реиԥыларақәа раан ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыбзоурала иҟалеит.
Аинтерактивтә классӷәқәа рыдагьы, Урыстәыла Аҵара аминистрреи Аԥсни русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашколтә автобусқәа Аԥсныҟа иаауа иалагеит, аҭыԥантәи арҵаҩцәа Урыстәыла рҵарадырра аизырҳара иаҿуп.
Уи адагьы, арҵаҩцәа руалафахәы ашәараҟны иҟаз ауалқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара алыршахеит.
Урыстәыла ирынаҭаз ажәа нанагӡоит, аиқәшаҳаҭрақәа зегьы иаарласны, инхарҭәааны инанагӡоит.

Telegram
Sputnik Абхазия
Россия подарила Абхазии 120 интерактивных досок NextPlanet 75, они уже распределены по школам.
В сухумской школе №5 приступили к установке нового оборудования.
Учителя из России продемонстрировали абхазским коллегам, как пользоваться интерактивной доской…

Аԥснытәи ахәыҷқәеи ақәыԥшқәеи урыстәылатәи аҿар рыцхраара апрограммақәа рхы рыладырхәыр рылшоит. Абри азы адҵа инапы аҵаиҩит Урыстәыла ахада Владимир Путин ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит уи ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
"Урыстәыла ахада Владимир Путин аиҳабыра анапынҵа риҭеит абри аҩыза алшара ҟалартә аус рурц. Ари анапынҵа анынарыгӡа, иара адҵа инапы аҵаиҩит. Ахәыҷқәеи, ашколхәыҷқәеи, Аԥсны аҿар рхаҭарнакцәеи "Большая перемена" мацара акәымкәа, Урыстәыла аҿар рыцхраара иазку егьырҭ апроектқәа рацәаны рылахәхаразы алшара роуеит", — иҳәеит Песков.
Иара иазгәеиҭеит уаанӡа Аԥсны ахадарахьы акандидат, атәыла ахада иалхрақәа актәи ртур аан аиааира згаз Бадра Гәынба Аԥснытәи ашколхәыҷқәеи егьырҭ ахәыҷқәеи Урыстәыла аҿар рыцхрааратә программақәа рхы аладырхәразы алшара роурц азы аҳәара шыҟаиҵаз.

Адиспансеризациа иацҵоуп: еицырдыруа урыстәылатәи аҳақьым Андреи Продеус Аҟәа ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигеит.
Урыстәыла ахахьы иагаз ахыдҵақәа инарықәыршәаны Аҟәаҟа аҳақьымцәа ааит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп апрограмма "Жить здорово" амҩаԥгаҩ Андреи Продеус, иара аиммунологиатә чымазарақәа змоу ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигеит.
Ахәыҷқәа рдиспансеризациазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Бадра Гәынба Москва даныҟаз.
Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы Продеус аконсультациақәа, адиагностикатә гәаҭарақәа мҩаԥигеит, апациентцәа хәыҷқәа досу хаҭала инаалаша агәаҭарақәеи ахәышәтәра атактикақәеи алихит.
Иара убас, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы иколлегацәеи иареи реилацәажәара мҩаԥысит. Иара ахәшәқәа рылҩааразы аԥҟарақәа, урҭ рхәарҭара, ахәшәтәра амҩаԥгашьа уҳәа ирызкыз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Аҳақьымцәа еиҭарҳәеит зегь реиҳа иуадаҩу ахҭысқәа ртәы, урыстәылатәи аспециалист абжьгарақәа риҭеит ас еиԥш иҟоу ачымазцәа анаҩстәи рыхәшәтәра шымҩаԥгатәу азы.
Аԥсуа ҳақьымцәа рӷьырак Урыстәыла аҵара роуит, аха Урыстәылатәи амедицинатә практика (ауааԥсыра еиҳа ирацәаны иахьынхо атәылаҿы) иуадаҩу ачымазарақәа рдиагностикаҿы аԥышәа ду аиура алнаршоит. Урыстәылатәи аспециалистцәеи дареи русеицура Аԥснытәи аҳақьымцәа ирылнаршоит адиагнозқәа ииашаны рышьақәыргылара аизырҳара.
"Урыстәылатәи ҳколлега абжьгарақәа ҳаиҭеит ачымазаҩ дышыхәышәтәтәу, хшыҩзышьҭра зҭатәу. Ас еиԥш аҭаарақәа даара иаҭахуп, избан акәзар акадрқәа ҳазхом", — ҳәа лҳәеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы Гәашьа Ҵәыџьԥҳа.
Аҭаацәагьы ахә ҳаракны иршьеит урыстәылатәи аспециалистцәа раара.
"Урыстәылатәи аҳақьымцәа ҳара ҳахь раара даара акраҵанакуеит, избан акәзар Аԥсны аиммунологцәа ҳамаӡам. Ҳара иаҳҭахуп урҭ лассы-лассы иаҳҭааларц", — лҳәеит ахәыҷқәа руаӡәк иан Ҳамида.
Продеус иакәзар, иазгәеиҭеит аиҳабыратә абиԥара ргәабзиарагьы акыр шаҵанакуа иҳәеит.
"Ари ҳара иаҳҩызоу ҳәынҭқарроуп, сара гәыкала сырзыҟоу уи ажәлари адгьыли. Ҳара агәаҭарақәа ахәыҷқәа рыла ҳалагоит, ажәытә аурыс жәаԥҟа ишаҳәо еиԥш, ибыргугьы, ихәыҷугьы — зегь еиԥшуп. Аӡәырҩы ирымоу апроблемақәа еиԥшуп. Убри азы ҳара аиҳабыратә абиԥара ишақәнагоу ҳреиҷаҳалароуп", — иҳәеит Продеус.
📎Ахәыҷқәа рдиспансеризациа Аԥсны зегьы амҽханакуеит, амедикцәа лаҵарамза анҵәамҭанӡа 25 нызқьҩык инареиҳаны ауаа ргәаҭара ргәы иҭоуп.

Диспансеризация продолжается: известный российский врач Андрей Продеус осмотрел детей в Сухуме.
В рамках выполнения взятых Россией обязательств в Сухум приехали врачи, а среди них — ведущий программы "Жить здорово" Андрей Продеус, чтобы помочь маленьким…

Аԥсадгьыл ахьчаҩ имши Донбасс ахақәиҭтәра иазку иҷыдоу аоперациеи ирызку афотоцәыргақәҵа аатуеит Аҟәа жәабран 24 рзы.
Ацәыргақәҵа шьақәгылоуп ҩажәамз инареиҳаны аибашьра ахьцои аҳәаахьчаратә ҭыԥқәеи рҿы иҟоу урыстәылатәи ажурналистцәа иҟарҵаз 22 фотоҭыхымҭақәа рыла ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра апресс-маҵзура.
Дара ирныԥшуеит Киевтәи арежим аҭынч уааԥсыреи аграждантә хыбрақәеи ирырҭаз аахақәа.
Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны" аҿы еиҿкаахо афотоцәыргақәҵа аҭааҩцәа рзы иаартызаауеит мчыбжьык.
📎 Апроект "Ҳара ахара рыдаҳҵоит!" цәырыргахьеит атәылақәа рҿы, иара убас Белоруссиа, Венгриа, Перу, Аахыҵ Уаԥстәыла, Узбекистан.

Аԥснытәи аспортсменцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа 13 ргеит Черқьесск имҩаԥысыз зых иақәиҭу аиқәԥаразы атурнир "Воля к Победе" аҿы.
Аицлабрақәа актәи рымш азы еиндаҭлон 14-17 шықәса зхыҵуаз арԥарцәа, аҩбатәи — 8-12 шықәса зхыҵуаз ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Аԥхьахәқәа ргеит:
🥇Рамин Арсҭаа, Абазг Фетоӷлы, Сандро Жьиба, Богдан Ӡиӡариа, Самир Агрба, Амир Кациа;
🥈Осман Ҳагба, Нестор Арлан, Дамеи Кархалаа, Инал Ладариа;
🥉Владик Ладариа, Данаҭ Жьиба, Осман Дбар.

Иацаҳҵоит аԥсуаа рҿы аԥхыӡқәеи азгәаҭарақәеи ртема.
Иахьа аҳәатәеиқәымшәара ушамырӷьацо уеилзыркаауа, еимакык шыҟало узырдыруа азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи ртәы ҳзеиҭалҳәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

"Аимак, ацҭәа - ауаҩы дызмырӷьацауа": еимакык шыҟало узырдыруа азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи
Аҳәатәеиқәымшәара ушамырӷьацо уеилзыркаауа, еимакык шыҟало узырдыруа азгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Урыстәыла арегионқәа рҿы аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыкала 20 дрон ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
▪️5 — Орловтәи аобласт аҿы;
▪️4-4 — Белгородтәии Курсктәи аобластқәа рҿы;
▪️3 — Липецк;
▪️2-2 — Тулатәии Воронежтәи аобластқәа рҟны.

Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Владимир Путин Кремльтәи аҭӡы азааигәара иҟоу Идырым асолдаҭ иҳаҭгәын аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Иахьа Урыстәыла иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш.

Аԥсныҟа иааит "Аиааира адәыӷба".
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал аҿы иахьа аҭааҩцәа рзы ашәқәа аатит акәырҷыжьқәа ирықәгылоу амультимедиатә музеи.
Заеиԥшыҟам аекспонатқәа рбарц уахь инеит ақалақь ауааԥсыра, ахәыҷқәа, абригада "Пятнашка" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба иҩызцәеи иареи, аполитик Бадра Гәынба.
"Зқьҩыла ҳџьынџьуаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҿы иҭахеит. Ари агәалашәара адәыӷба усҟантәи аамҭахь ҳнанагоит, иахьа иҟоу ахҭысқәа ҳазнархәыцуеит", — иҳәеит Гәынба.
"Аиааира адәыӷба" — акәырқәа ирықәгылоу музеиуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аамҭазы иҟалаз ахҭысқәа ирызкуп жәа-вагонк атематика.
Ацәыргақәҵа иахьатәи амультимедиатә технологиақәа рхархәарала аҭоурыхтә ҵабырг еиҭашьақәнаргылоит.
Хаз игоу вагонк аҟны ицәыргоуп аԥсуа еибашьцәа рекспонатқәа акаскақәа, аимадаратә хархәагақәа. Урҭ еиқәдыршәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеии Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеии.
Иара убас, иаарԥшуп раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥырҩы Мери Аҩӡԥҳаи атанкист Михаил Китиеи Аиааира агаразы рлагала.
Адәыӷба Аҟәа иҟазаауеит жәабранмза 25-нӡа, 26 рзы Гәдоуҭаҟа инеиуеит.

В Абхазию прибыл "Поезд Победы".
Мультимедийный музей на колесах сегодня открыл двери для посетителей на железнодорожной станции "Сухум".
Посмотреть на необычные экспозиции пришли жители города, дети, командир бригады "Пятнашка" Ахра Авидзба со своими сослуживцами…

Риҵатәи ареликттә парк аҭааҩцәа рзы иаартуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк абнахьчаҩ хада Ҭенгиз Џьергениа.
"Аҭагылазаашьа иааизакны араҟа абжьааԥны аӡынразы ишыҟоу еиԥшуп: аҳауа хьшәашәароуп, иҵаауеит. Амҩақәа иҵаахҵәырароуп, аха ҳтехника асы ықәнагахьеит, есышьыжь амҩақәа аԥслымӡ рықәҳԥсоит", — иҳәеит иара.
Џьергени иажәақәа рыла, макьана асасцәа рацәаҩӡам, аха Аԥсны ауааԥсыреи атуристцәеи апарк ахь иаауеит рхатәы машьынақәеи, мамзаргьы аекскурсиатә автобус маҷқәеи рыла.
Аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа аҳауа аԥхарра уахынла -7 градуск илеит, ашьыжь жәабран 23 рзы -2 градус рҟынӡа аҵаа ыҟан.
📎 Риҵатәи амилаҭ парк аҭалараз иадыркит жәабран 18 рзы, асы еимаҳан иахьлеиуази аӡиа иахьхҵаалази ирыхҟьаны.

Аҟәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит.
Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы Владислав Куликов, иара убас урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, Аҟәа иҟоу Москва аҩны ахаҭарнакцәа, Урыстәыла аџьынџьуаа реиҿкаарақәа ркоординациатә еидгыла, Аиааира 80 шықәса аҵра иазку ахатәгәаԥхарауаа разыҟаҵаразы Жәларбжьаратәи ацентр, ауаажәларра.
Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Мақсим Литвинов иазгәеиҭеит, иахьа еизаз ишыргәаладыршәо Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи, Иҷыдоу арратә аоперациа аибашьцәеи. Урҭ дыруаӡәкуп иҭахаз Аԥсны иалҵыз Феликс Гәазаа.
"Хамеигӡарыла зыԥсадгьыл аҿаԥхьа зуалԥшьа назыгӡо зегьы ирзеиӷьасшьоит еснагь агәабзиара рыманы рыҩныҟақәа рахь ихынҳәырц. Аԥсни Урыстәылеи аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьоит, аӷа ахаан иԥшьоу рыдгьылқәа ишьапы ықәимыргылааит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Жәабра 20 инаркны Аԥсны Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҿы ателемедицинатә центр аусура иалагоит, уи абзоурала аҭыԥантәи аҳақьымцәа Урыстәыла иԥхьагылоу амедицинатә усбарҭақәа рҟынтәи рколлегацәа абжьгарақәа рыҭара рылшоит.
Иахьа ахәшәтәырҭа даҭааит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко. Уи иарҳәеит аҭакԥхықәра зду хҩык аспециалистцәа шазыҟаҵоу ателеконференциақәа рымҩаԥгаразы. Урыстәылатәи аминистр далархәны Москватәи Ахәыҷқәа ргәабзиарахьчаразы Афедералтә центри Ахәыҷқәа ргәабзиаразы амилаҭтә медицинатә центри рыбжьара авидео еимадара шьақәыргылан.
Аамҭа кьаҿк иалагӡаны жәабран 20-21 рзы урыстәылатәи аспециалистцәа рыла аа-клиникатә ҭагылазаашьа хьанҭақәа рзы 8-нтә авидеоконференциақәа мҩаԥган. Амедицинатә ҳасабырбақәа 11 роуит. Иҵегь ԥшьҩык ачымазцәа рзы аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит, урҭ рҟны иҟоуп зынӡа зцәазтәым ачымазаҩ қәыԥш лзы онлаинтәи аультрабжьытә сканер. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан ԥшь-видеоконференциак.
Ааигәа Москва Бадры Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥылараан Аԥсны ауааԥсыра рзы ателемедицинатә абжьгарақәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Михаил Мурашко иазгәеиҭеит, ари акыр шаҵанакуа ачымазцәа ргәабзиара ахьчаразы аҩтәылак рҳақьымцәа реимадара аҿиараҿы.
"Ари аҩыза аусеицура апандемиа аан иалагеит, урыстәылатәи амедицинатә еиҿкаарақәа рҟынтәи аспециалистцәа акоронавирус инфекциа ҿыц змоу ачымазцәа рыцхыраара иалагеит рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы. Усҟан авакцинагьы ахәшәқәагьы ҳамамызт. Аҳақьымцәа фырхаҵарыла имҩаԥыргоз рус абзоурала ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхара алыршахеит", — ҳәа азгәеиҭеит Мурашко.
Иара убас игәалаиршәеит, аԥхын урыстәылатәи амедицинатә еиҿкаарақәа рспециалистцәа Аԥсны рхы шаладырхәуа. Урҭ Аԥсныҟа иаарышьҭит, амедицинатә цхыраарагьы ҟарҵеит. Аԥснытәи ахәшәтәырҭақәа рзы русуратә аамҭеихша шьақәыргылан, ачымазцәа еиҳа хра злоу ацхыраара рыҭаразы.