Telegram Group Search
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Москва иаарту алхырҭатә ҭыҧ аҿы иҳамоу адыррақәа рыла алхыҩцәа рацәоуп. Алхырҭатә ҭыҧ аартуп Москва Шаболовка амҩаду аҭыӡҭыҧ ала. Алхырҭатә ҭыҧ хадазы Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ быжь нызқь биуллитен даҳәон, аха Аҧсны Алхратә комиссиа хада аҟынтәи ҧшь-нызқь биуллетен роуп ирырҭаз. Алхратә ҭыҧ акомиссиа ахантәаҩы Беслан Кобахьиа иазгәеиҭеит ауаа активла ишаауа.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Черкесск аус зуа алхырҭатә ҭыҧ аҿы абжьыҭаразы агәаран ыҟоуп ҳәа аарыцҳауеит. Аҧсны атәылауаҩра змоу алхыҩцәа шьыжьнаҵы руалҧшьа нарыгӡоит. Уи азы аҭагылазаашьа аҧҵоуп.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аҧсны ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба ихаҭыҧуаҩыс иқәгыло Беслан Бигәаа Очамчыра ибжьы аиҭеит. Иазгәеиҭеит аҭышәынтәалареи аекономикатә еизҳазыҕьареи дшадгыло.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Ҳкорреспондентцәа аус руеит еиуеҧшым алхратә ҭыҧқәа рҿы. Урҭ иаҳзеиҭарҳәоит дара аус ахьыруа ақалақьқәеи араионқәеи рҿы абри аамҭазы алхрақәа рымҩаҧысшьа.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аҧсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Гагратәи алхратә ҭыҧ №3 аҿы ибжы аиҭеит. Ажурналистцәа аниҿцәажәоз иара иҳәеит игәалаҟазаара шыбзиоу.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Адгур Хурхумал проголосовал на выборах президента Абхазии.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Аҩӡба.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба ибжьы аиҭеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыҧ аҿы.
"Иахьа иааҳарҧшуеит ахдырра ду, уаҵәтәи ҳҳәынҭқарра аҧеиҧш, ҳажәлар рымҩа ақәлашьа,- иҳәеит Бадра Гәынба. Иазгәеиҭеит ибжьы шаиҭо Аҧсны ҭышәынтәаланы иҿиаларц, Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҕәҕәахарц, ҳажәлар рыҧсҭазаара еиҕьхарц азы".
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Роберт Аршба ибжьы аиҭеит Бабышьратәи алхырҭатә ҭыҧ аҿы.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аҧсны ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба ибжьы аиҭеит Афон ҿыцтәи алхырҭатә ҭыҧ аҿы.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Москва иаарту алхырҭатә ҭыҧ аҿы иҳамоу адыррақәа рыла алхыҩцәа рацәоуп. Алхырҭатә ҭыҧ аартуп Москва Шаболовка амҩаду аҭыӡҭыҧ ала. Алхырҭатә ҭыҧ хадазы Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ быжь нызқь биуллитен даҳәон, аха Аҧсны Алхратә комиссиа хада аҟынтәи ҧшь-нызқь биуллетен роуп ирырҭаз. Алхратә ҭыҧ акомиссиа ахантәаҩы Беслан Кобахьиа иазгәеиҭеит ауаа активла ишаауа.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан иҟоу ахҧатәи алхырҭатә ҭыҧ аҿы алхрақәа мҩаҧысуеит гәацҧыҳәарала. Шьыжьнаҵы араҟа ҩышә- ҩык инарзынаҧшуа алхыҩцәа рыбжьы рҭихьан.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҳкорреспондентцәа аус руеит еиуеҧшым алхратә ҭыҧқәа рҿы. Урҭ иаҳзеиҭарҳәоит дара аус ахьыруа ақалақьқәеи араионқәеи рҿы абри аамҭазы алхрақәа рымҩаҧысшьа.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҳкорреспондентцәа аус руеит еиуеҧшым алхратә ҭыҧқәа рҿы. Урҭ иаҳзеиҭарҳәоит дара аус ахьыруа ақалақьқәеи араионқәеи рҿы абри аамҭазы алхрақәа рымҩаҧысшьа.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Атәыла ахадарахьы акандидат Олег Барцыц ибжьы аиҭеит иқыҭа гәакьа Блабырхәа иҟоу алхырҭатә ҭыҧ аҿы.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Иахьа Аҧсны имҩаҧысуеит зыҿҳәара аиаанӡа иазгәаҭаз Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа. Ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа-Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.Алхрақәа рзы Аҧсны азакәан инақәыршәаны, ашьыжь асааҭ ааба рзы рышә аадыртит алхырҭатә ҭыҧқәа шәи ҩынҩажәи жәаҩа. Иахьатәи амш иалагӡаны аус ауеит Аҧсны Алхратә комиссиа хада апресс-центр. Уажәы ажәа раҳҭоит апресс-центр аҿы аус зуа ҳколлегацәа.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҧсны аҳәынҭқарра ахадарахьы алхрақәа рымҩаҧысшьа иахылаҧшуеит. Абри азы адырра ҟаиҵоит аминистр ихаҭыҧуаҩ Беслан Ҷкадуа.
2025/02/24 10:32:52
Back to Top
HTML Embed Code: